1 Аҳцәа
15 Авиа́м Иудеиа аҳас дахагылеит Нева́т иԥа Иеровоа́м аҳра аниуаз жәаатәи ашықәс азы. 2 Иара Иерусалим хышықәса аҳра иуан. Иан Авессало́м имоҭа лакәын, Маа́ха лыхьӡын. 3 Иара иаб иҟаиҵоз агәнаҳакәа ҟаиҵон, иабацәа раб Давид иеиԥш Инцәа Иегова гәыкала имаҵ иуӡомызт*. 4 Аха Давид иаҳаҭыразы Анцәа Иегова Авиа́м ишьҭахь иԥа аҳас дҟаҵаны, Авиа́м Иерусалим алашарбага* ииҭеит, убасала Иерусалим ихьчеит, 5 избанзар Давид еснагь Иегова иҿаԥхьа ииашоу ҟаиҵон, ахаангьы иҳәатәы дахыԥаӡомызт, ахе́тт У́риа идҳәалаз ахҭыс заҵәык ада. 6 Ровоа́м иԥсы ахьынӡаҭаз Иеровоа́ми иареи еснагь еиҿагыланы еибашьуан.
7 Авиа́м иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа рыӡбахә иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. Авиа́мгьы Иеровоа́м диабашьуан. 8 Авиа́м данԥсы Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа А́са аҳас дҟалеит.
9 А́са Иудеиа аҳас дҟалеит израильтәи аҳ Иеровоа́м аҳра аниуаз ҩажәатәи ашықәс азы. 10 Иара Иерусалим 41 шықәса дахагылан. Ианду Авессало́м имоҭа лакәын, Маа́ха лыхьӡын. 11 А́са иабацәа раб Давид иеиԥш Иегова иҿаԥхьа ииашаз ҟаиҵон. 12 Иара амцнцәахәқәа рныҳәарҭақәа рҿы икаҳԥуаз ахацәа атәыла иалицеит, насгьы иабацәа рабацәа иҟарҵаз аидол хәымгақәа* ықәигеит. 13 Иара ианду Маа́хагьы лаҳкәажәра лымихит, иԥшьоу ашьаҟа* амҵахырхәаразы аидол хәымга ахьыҟалҵаз азы. А́са уи аидол хҵәаны, Кедро́н архаҿы иблит. 14 Аҳаракырақәа рҿы иҟаз аԥшьаҭыԥқәа ракәзар, урҭ ықәрымгаӡеит. Аха А́са иԥсы ахьынӡаҭаз гәыкала Иегова дизыҟан. 15 Иара Иегова иҩнахьы иаби иареи Анцәа изыркыз* зегь ааигеит: араӡны, ахьы, иара убас егьырҭ амаҭәарқәа.
16 А́сеи израильтәи аҳ Ваа́сеи есымша еиҿагыланы еибашьуан. 17 Ваа́са Иуда даҿагылан Ра́ма арӷәӷәара далагеит, иудеиатәи аҳ А́са иҟынтә аӡәгьы дзымцарц, аӡәгьы дзымаарц азы. 18 Усҟан А́са Иегова иҩны ахазынаҭраҿи аҳ иҩны ахазынаҭраҿи инхаз араӡни ахьи аашьҭихын, имаҵуцәа ирыҭаны, сириатәи аҳ Бен-Хада́д иахь Дама́скҟа ишьҭит. Уи Хезио́н иԥа Тавриммо́н иԥа иакәын. А́са уи абас иарҳәарц иҳәеит: 19 «Уареи сареи ҳабжьара, саби уаби рыбжьара, аиқәшаҳаҭра бжьоуп. Сара араӡни ахьи ҳамҭас иузынасышьҭуеит. Израильтәи аҳ Ваа́сеи уареи ишәыбжьоу аиқәшаҳаҭра шәыбжьых, сыдгьыл ақәлара даҟәыҵырц азы». 20 Бен-Хада́д аҳ А́са дизыӡырҩын, израильтәи ақалақьқәа ирықәларц азы аруаа реиҳабацәа ишьҭит. Дара Иио́ни, Да́ни, Аве́л-Бет-Маа́хи, Киннере́т зегьи, Неффали́м идгьыл зегьи ргеит. 21 Ваа́са уи шааиаҳазҵәҟьа Ра́ма арӷәӷәара даҟәыҵын, Ти́рцаҟа дхынҳәит. 22 Аҳ А́са аӡә даанмыжькәа Иудеиа инхоз зегь еизигеит. Дара Ра́мантәи Ваа́са аргыларазы ихы иаирхәоз ахаҳәқәеи ақыдқәеи рыманы ицеит. Аҳ А́са урҭ иган, Вениамин идгьыл аҿы Ге́ва ирӷәӷәеит, иара убас Ми́цпагьы ирӷәӷәеит.
23 А́са иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи, иқәҿиарақәеи, иргылаз* ақалақьқәеи ртәы иудеиатәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. Иқәрахь даннеи, ишьапқәа ихьра иалагеит. 24 А́са дыԥсын, иабацәа рабацәа анышә иахьамаз иабацәа раб Давид иқалақь аҿы анышә дарҭеит. Иара ишьҭахь иԥа Иосафа́т аҳас дҟалеит.
25 Иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз аҩбатәи ашықәсазы Иеровоа́м иԥа Нада́в Израиль аҳас дҟалеит. Нада́в ҩышықәса Израиль аҳра иуан. 26 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, иаб израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа ҟаҵо имҩа дықәын. 27 Иссаха́р иабиԥара иатәыз А́хиа иԥа Ваа́са Нада́в игәаӷ икын, цәгьарак изиурц игәы иҭеикит. Нада́в израильаа зегьы дрыцны филисти́маа иртәыз Гиббето́н данақәлоз, Ваа́са уи дишьит. 28 Иара Нада́в дишьит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәс азы, нас иара иҭыԥан аҳас дҟалеит. 29 Ваа́са аҳас дшааҟалазҵәҟьа Иеровоа́м ишьҭра зегь ықәигеит, аӡәымзар-аӡәы даанимыжьӡеит. Аӡә даанмыжькәа зегь ишьит, убасала иара Иегова Сило́м иатәыз имаҵзуҩы А́хиа ила ииҳәаз зегь наигӡеит. 30 Уи зегь зыҟалаз Иеровоа́м агәнаҳақәа ахьыҟаиҵаз, израильаагьы иахьыдирҟаҵаз, насгьы Израиль Анцәа Иегова даараӡа игәы ахьиирхьыз азоуп. 31 Нада́в иԥсҭазаара аҟынтә егьырҭ ахҭысқәа ртәы израильтәи аҳцәа рҭоурых ашәҟәаҿы иануп. 32 Израильтәи аҳ Ваа́сеи А́сеи есымша еиҿагыланы еибашьуан.
33 А́хиа иԥа Ваа́са Ти́рца израильтәи аҳас дҟалеит иудеиатәи аҳ А́са аҳра аниуаз ахԥатәи ашықәсазы, 24 шықәсагьы аҳра иуан. 34 Иара Иегова ицәымӷыз ҟаиҵон, насгьы Иеровоа́м израильаа идирҟаҵоз агәнаҳақәа ҟаҵо имҩа дықәын.