1 Аҳцәа
8 Аҳ Соломон израильтәи аиҳабацәа зегь еизигеит — израильтәи абиԥарақәа рхадацәеи абшьҭрақәа реиҳабацәеи. Дара Иерусалимҟа Соломон иахь иааит Давид иқалақь аҟынтә, даҽакала иуҳәозар, Сионынтәи, Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег ааргарц азы. 2 Абыжьбатәи амзазы, етаним* амзазы, израильаа зегьы аныҳәа* азгәарҭарц аҳ Соломон иҿаԥхьа еизеит. 3 Израильтәи аиҳабацәа зегь анаа, аԥшьаҩцәа аковчег шьҭырхит. 4 Дара Иегова иеиқәшаҳаҭреи, аиқәшәара ақьалеи, ақьалаҿы иҟаз Анцәа имаҵ ауразы рхы иадырхәоз иԥшьоу амаҭәарқәеи Анцәа иҩнахьы ирыманы ицеит. Урҭ аԥшьаҩцәеи алевитцәеи иргон. 5 Аҳ Соломони иара иахь иааз израильаа зегьи аковчег аԥхьа еизеит. Кәырбанс инаргаз ауасақәеи ацәқәеи убриаҟара ирацәан, иагьузыԥхьаӡомызт.
6 Нас аԥшьаҩцәа Иегова иеиқәшаҳаҭра аковчег аҩныҵҟатәи ауада — Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ — иҩнаргалан, иазалхыз аҭыԥ аҿы идыргылеит, ахерувимцәа рымҵәыжәҩақәа рыҵаҟа.
7 Ахерувимцәа рымҵәыжәҩақәа аковчег ахьгылаз аҭыԥ аханы еиҵыхын, убри аҟынтә аковчеги уи алабақәеи ахерувимцәа рымҵәыжәҩақәа иҟарҵоз ашәшьыра иҵакын. 8 Урҭ алабақәа убриаҟара иаун, рҵыхәақәа аҩныҵҟатәи ауада аҿаԥхьа Иԥшьоу аҭыԥ аҟынтә иубарҭан, аха адәахьала иубарҭаӡамызт. Урҭ уа уажәыгьы иҟоуп. 9 Аковчег ҩ-хаҳә ҟьаԥск рыда акгьы ҭаӡамызт. Моисеи урҭ уахь иҭеиҵеит Хори́в азааигәара, израильаа Египет ианалҵ ашьҭахь Иегова иареи дареи аиқәшаҳаҭра анрыбжьеиҵа.
10 Аԥшьаҩцәа аԥшьаҭыԥ ианыҩныҵ, аԥҭа Иегова иҩны ааиҩннарҭәааит. 11 Аԥҭа ахьыҟаз азы аԥшьаҩцәа уа изаанхаӡомызт, амаҵгьы рзуӡомызт, избанзар Иегова ихьӡ-иԥша Иегова иҩны ҩннарҭәааит. 12 Усҟан Соломон ус иҳәеит: «Иегова, уара иуҳәон аԥҭа еиқәаҵәаҿы ушыҟазаауа. 13 Сара уара узы аҩн ду сыргылеит, наӡаӡа уахьынхалаша аҭыԥ».
14 Нас аҳ израильтәи аизарахь ихы ирхан, дрықәныҳәеит. Аизара зегь гылан. 15 Аҳ иҳәеит: «Хьӡи-ԥшеи имазааит Иегова, Израиль Анцәа, саб Давид ажәа изҭаз, иагьыназыгӡаз*. Иара иҳәон: 16 „Сыжәлар Израиль Египет ианалызга аҽны инаркны, израильтәи абиԥарақәа рыбжьара сыхьӡ азы аҩны ахьсыргылаша қалақькгьы алсымхӡеит. Аха сара Давид далысхит, сыжәлар Израиль дахагыларц азы“. 17 Саб Давид даара иҭахын Израиль Анцәа Иегова ихьӡ азы аҩны иргылар. 18 Аха Иегова саб ус иеиҳәеит: „Уара даараӡа иуҭахуп сыхьӡ азы аҩны ургылар, уи аҩыза агәаҳәара ахьумоу бзиоуп. 19 Аха уи зыргыло иухылҵуа уԥа иоуп, уара уакәӡам. Иара сыхьӡ азы аҩны иргылоит“. 20 Иегова ииҳәаз наигӡеит, саб Давид ишьҭахь иаҳраҭыԥ аҿы сара стәеит, Израиль сахагылеит, Иегова ишиҳәахьаз еиԥш. Сара Израиль Анцәа Иегова ихьӡ азы аҩны сыргылеит, 21 аковчег азгьы аҭыԥ сырмазеит, уа Иегова ҳабацәа рабацәа Египет ианалига ашьҭахь иареи дареи ирыбжьеиҵаз аиқәшаҳаҭра зну ахаҳә ҟьаԥсқәа ҭоуп».
22 Соломон Иегова икәырбаннагарҭа аԥхьа, израильтәи аизара зегь аҿаԥхьа, инапқәа ажәҩан ахь ирхан, 23 ус иҳәеит: «Иегова, Израиль Анцәа, уара иуеиԥшу Нцәа дыҟам, хыхь ажәҩан аҿгьы, ҵаҟа адгьыл аҿгьы! Уара гәык-ԥсыкала умаҵ зуа умаҵзуҩцәа рахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааурԥшуеит, дареи уареи ишәыбжьоуҵаз аиқәшаҳаҭрагьы наугӡоит. 24 Уара саб Давид иоуҳәаз ҟауҵеит, ажәа иуҭан, иахьа инаугӡеит. 25 Уажәшьҭа, Израиль Анцәа Иегова, инагӡа саб Давид иоуҳәаз абарҭ ажәақәагьы: „Уҷкәынцәа сымҩақәа ирықәныҟәалар, уара уеиԥш сымаҵ рулар, иухылҵуа еснагь израильтәи аҳраҭыԥ аҿы итәазаауеит“. 26 Израиль Анцәа, инаӡааит саб Давид иуҭаз ари ажәагьы.
27 Дынхалома Анцәа адгьыл аҿы? Уара ажәҩани ажәҩанқәа рыжәҩани урызкуам, сара исыргылаз аҩны акәым! 28 Сынцәа Иегова, умаҵзуҩы иҳәара урҳа, иурҳа дӷьаҵәыӷьаҵәуа дзызуҳәо, дҵәааҵәаауа ацхырааразы иҟаиҵо аҳәара урҳа, иурҳа иахьа умаҵзуҩы уара уахь ирхо аҳәара. 29 Уахи-ҽни ари аҩны улаԥш ахызааит, абас ззуҳәаз аҭыԥ: „Уа сыхьӡ ыҟазаауеит“. Иурҳа умаҵзуҩы ари аҭыԥ ахь ихы рханы, уара уахь иҟаиҵо аҳәара. 30 Иурҳа умаҵзуҩы иҳәара, израильтәи ужәлар ари аҭыԥ ахь рхы рханы иануҳәо урзыӡырҩы. Ажәҩан аҟынтә, уахьынхо аҭыԥ аҟынтә, рыҳәарақәа урҳа, ааи, иурҳа, иагьранажь.
31 Аӡәы даҽаӡәы иҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵар, насгьы дирқәыр*, иқәыз ари аҩнаҿы акәырбаннагарҭа аԥхьа дгылар, 32 уара ажәҩан аҟынтә уи иҳәара урҳа, насгьы умаҵзуҩцәа рус еилырга, ахара зду иҟаиҵаз азы иқәнага дақәыршәа, акгьы зхарам ииашаразы уизылԥханы, ихара ихых.
33 Израильтәи ужәлар уҿаԥхьа агәнаҳа ахьыҟарҵоз азы раӷа иԥыххааса ианықәиҵалак, нас уара уахь ихынҳәны ухьӡ анҳарарклак, ари аҩнаҿы уара уахь рхы рханы иануҳәалак, иӷьаҵәыӷьаҵәуа аҳәара аныҟарҵалак, 34 ажәҩан аҟынтә рыбжьы урҳа, израильтәи ужәлар рыгәнаҳа ранажь, рабацәа ируҭаз адгьыл ахь ирхынҳә.
35 Ужәлар уҿаԥхьа агәнаҳа ахьыҟарҵоз азы ажәҩан акны ақәа алеира ианаҟәыҵлак, нас дара ари аҭыԥ ахь рхы рханы иануҳәалак, ухьӡ анҳарарклак, иахьубжьаз азы рыгәнаҳа анаанрыжьлак, 36 ажәҩан аҟынтә рыбжьы урҳа, израильтәи ужәлар, умаҵзуҩцәа, рыгәнаҳа ранажь, изықәныҟәалаша умҩа дырба, ужәлар иртәхарц азы ируҭаз адгьыл ахь ақәа рзылашьҭ.
37 Ари адгьыл аҿы амлакра ма ачымазара ҿкы ҟалар, зегь ықәыццышәаа иқәызҵо аԥша аҵиаақәа зегь аблыр ма ичмазаҩхар*, асаранча пылыпылуа иалалар, аӷа уи адгьыл ақалақьқәа дакәшаны икыр, рыцҳарас, чмазарас иҟалалакгьы, 38 аӡә дуҳәар, ма израильтәи ужәлар зегь уара уахь рхы рханы аҳәара ҟарҵар, мамзаргьы уразра иаҳәар (дасу игәы иҭоу ахьаа идыруеит), рнапқәагьы ари аҩнахьы идырххар, 39 уара ажәҩан аҟынтә, уахьынхо аҭыԥ аҟынтә, рыбжьы урҳа, иранажь, аҭак рыҭ, дасу иусқәа инарықәыршәаны иқәнага дақәыршәа (уара уоуп дасу игәаҭа здыруа). 40 Усҟан дара ҳабацәа рабацәа ируҭаз адгьыл аҿы инхонаҵы иуцәшәалоит.
41 Израильтәи ужәлар иатәым атәымтәылауаҩы ихароу дгьылк аҟынтә ухьӡ аҳаҭыразы дааны, 42 (избанзар уа ухьӡ дуи унапы ӷәӷәала иҟауҵаз аусқәеи рыӡбахә раҳауеит), дааны, ари аҩнахьы ихы рханы дуҳәар, 43 уара ажәҩан аҟынтә, уахьынхо аҭыԥ аҟынтә, иҳәара урҳа, дзызуҳәо зегь ҟаҵа, адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы ухьӡ рдыруазарц, израильтәи ужәлар шуцәшәо еиԥш иуцәшәаларц, исыргылаз ари аҩны ухьӡ шаху рдыруазарц.
44 Ужәлар раӷа иабашьырц азы иахьушьҭуа ицар, уара иалухыз ақалақь ахьи ухьӡ азы исыргылаз аҩнахьи рхы рханы, Иегова, уара иуҳәар, 45 ажәҩан аҟынтә рыҳәара урҳа, иӷьаҵәыӷьаҵәуа изызуҳәо урҳаны урыдгыл.
46 Умаҵзуҩцәа уҿаԥхьа агәнаҳа ҟарҵар (агәнаҳа ҟазымҵо уаҩ дыҟам), уара урҭ угәы рзыԥжәаны раӷацәа ируҭар, раӷацәа урҭ итҟәаны рыдгьыл ахь иргар, иахьыхароу ма иахьааигәоу, 47 уа, итҟәаны иахьырго адгьыл аҿы, рхы аҭыԥ аҿы иааины уара уахь ихынҳәыр, насгьы абас ҳәо уҳәара иалагар: „Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵон, ацәгьара ҳуан, иҟаҳҵоз иашаӡамызт“, 48 насгьы итҟәаны изгаз раӷацәа рыдгьыл аҿы гәыкала, ԥсыкала* уара уахь ихьаҳәыр, рабацәа ируҭаз адгьыл ахь, уара иалухыз ақалақь ахь, сара ухьӡ азы исыргылаз аҩнахьы рхы рханы иуҳәар, 49 уара ажәҩан аҟынтә, уахьынхо аҭыԥ аҟынтә, рыҳәара урҳа, иӷьаҵәыӷьаҵәуа изызуҳәо урҳаны урыдгыл, 50 уҿаԥхьа агәнаҳа ҟазҵаз ужәлар иранажь, иранажь уҿаԥхьа иҟарҵаз рыцәгьоурақәа. Итҟәаны изгаз арыцҳашьара аадырԥшырц ргәазҭаҵа, ужәлар рыцҳаршьарц азы 51 (избанзар дара Египет иалугаз, аихарҭәагатә ԥечка иҭугаз ужәлар роуп, лымкаала уззыҟоу умазара). 52 Умаҵзуҩы дануҳәо, иҳәара урҳа, иурҳа израильтәи ужәлар рыҳәара, урзыӡырҩла урҭ ануҳәозаалакгьы*. 53 Амчра зегь знапаҿы иҟоу Ҳаҳ Иегова, уара урҭ егьырҭ ажәларқәа зегьы рҟынтә иалухын, рабацәа Египет ианалугоз умаҵзуҩы Моисеи ажәа шиуҭаз еиԥш уара иутәу, лымкаала уззыҟоу мазараны иҟауҵеит».
54 Соломон Анцәа иахь ихы рханы Иегова иҳәара данаҟәыҵ ашьҭахь, Иегова икәырбаннагарҭа аԥхьа ажәҩан ахь инапқәа рханы дшьамхышгыланы дахьгылаз аҭыԥ аҟынтә дҩагылеит. 55 Иара дҩагылан, ибжьы рдуны израильтәи аизара зегь дазылԥхан, ус иҳәеит: 56 «Хьӡи-ԥшеи имазааит Иегова, ишиҳәахьаз еиԥш сыжәлар Израиль аҭынчра рызҭаз. Имаҵзуҩы Моисеи ила иара урҭ изықәиргәыӷыз абзиарақәа рҟынтә акгьы мнаӡакәа инымхаӡеит. 57 Ҳанцәа Иегова ҳабацәа рабацәа дышрыцыз еиԥш ҳаргьы дҳацзааит, ҳаанимыжьааит, ҳагькаимыжьааит. 58 Ҳгәазҭеиҵааит имҩақәа рыла анхара, ҳгәазҭеиҵааит ҳабацәа рабацәа ириҭаз аԥҟарақәеи, азакәанқәеи, амҩақәҵарақәеи гәык-ԥсыкала рықәныҟәара. 59 Иегова иахь исырхаз сажәақәеи сыҳәареи Ҳанцәа Иегова уахи-ҽни игәалашәоз, имаҵзуҩи ижәлар Израильи дрыдгыланы ихьчаларц азы, уи анаҭаххо, 60 адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегьы ирдыруазарц Иегова Анцәа ду шиакәу, иара ида Нцәа дшыҟам. 61 Шәгәы-шәыԥсы зегьы Ҳанцәа Иегова изкыз, изакәанқәеи иԥҟарақәеи шәрықәныҟәала, иахьа ишыҟашәҵо еиԥш».
62 Нас аҳи Израиль зегьи Иегова акәырбанқәа рацәаны изнаргеит. 63 Соломон Иегова аҭынчратә кәырбанқәа изнеигеит: иара инеигеит 22 000 ацәқәеи 120 000 ауасақәеи. Убас аҳи израильаа зегьи Иегова иҩны аартра азгәарҭеит.· 64 Уи аҽны аҳ Соломон Иегова иҩны аԥхьа ашҭа агәҭа иԥшьеит, уа ирбылуа акәырбанқәеи, кәырбанс инаргоз ачеи, аҭынчратә кәырбанқәа рышшеи наргаларц азы, избанзар Иегова иҩны аԥхьа игылаз абҩа иалхыз акәырбаннагарҭа ариаҟара акәырбанқәа акӡомызт, уи азы ихәыҷцәан. 65 Усҟан Соломони Израиль зегьи — зехьынџьарантәи иааз аизара ду, Лево́-Ха́мат* инаркны египеттәи аҳәааҿы ишьҭаз арха аҟынӡа — аныҳәа ҟарҵан, Ҳанцәа Иегова иҿаԥхьа бжьымшы иазгәарҭон, нас еиҭа бжьымшы, иааизакны 14 мшы. 66 Адырҩаҽны* Соломон ауаа ауишьҭит. Дара аҳ иқәныҳәан, ргәы ҭгәырӷьаауа, Иегова имаҵзуҩы Давиди ижәлар Израильи шаҟа абзиара рзыҟаиҵаз иеигәырӷьо рыҩныҟақәа рахь ицеит.