1 Аҳцәа
9 Соломон Иегова иҩни аҳ иҩни ргыланы даналга, иара убас ииҭахыз зегь аниргыла, 2 Иегова еиҭа Соломон дизцәырҵит, зны Гавао́н дышизцәырҵхьаз еиԥш. 3 Иегова уи ус иеиҳәеит: «Сара уҳәара саҳаит, исаҳаит сара сахь ухы рханы иҟауҵаз аҳәара. Сара иургылаз аҩны сыԥшьеит, сыхьӡ уа наӡаӡа иҟазарц азы. Уи есымша сылаԥш ахызаауеит, сыгәгьы есымша уа иҟазаауеит. 4 Уара ииашаны ухы мҩаԥугалар, уаб Давид иеиԥш гәык-ԥсыкала сымаҵ уулар, иуасҳәо зегь наугӡалар, сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи урықәныҟәалар, 5 уаҳра Израиль наӡаӡа ишьақәсырӷәӷәоит, уаб Давид ишиасҳәахьаз еиԥш: „Иухылҵуа еснагь израильтәи аҳраҭыԥ аҿы итәазаауеит“. 6 Шәыҷкәынцәеи шәареи сааншәыжьыр, сзакәанқәеи сыԥҟарақәеи рықәныҟәара шәаҟәыҵыр, егьырҭ анцәақәа рымаҵ ауреи реихырхәареи шәалагар, 7 сара израильаа ирысҭаз адгьыл аҟынтә иқәысцоит, сыхьӡ азы исыԥшьаз аҩны мап ацәыскуеит, Израиль аӡбахә ада аҳәатәы рмоуа иҟалоит*, ажәларқәа рыбжьара иччархәхоит. 8 Ари аҩны еилабганы еилажьзаауеит, уи иаҩсны ицо дарбанзаалак иџьашьаны, дцәыҵаччо* дҵаалоит: „Абас зазиуи Иегова ари адгьыли ари аҩни?“ 9 Уи ус иарҳәоит: „Избанзар дара рабацәа Египет иалызгаз Рынцәа Иегова дааныжьны, егьырҭ анцәақәа ирышьҭалеит, урҭ рымҵахырхәареи рымаҵ ауреи иалагеит. Убри азоуп Иегова абри аҩыза арыцҳара изақәиршәаз“».
10 Соломон ҩ-ҩнык, Иегова иҩни аҳ иҩни, 20 шықәса иргылон. 11 Уи ашьҭахь Соломон тиртәи аҳ Хира́м галилеиатәи ақалақьқәа 20 ииҭеит, избанзар Хира́м Соломон акедр қыдқәеи аможжевельник қыдқәеи, Соломон шаҟа иҭахыз ахьи изааигон. 12 Хира́м Тирынтәи ддәықәлеит, Соломон ииҭаз ақалақьқәа дрыхәаԥшырц азы, аха ианиба игәамԥхаӡеит. 13 Иара иҳәеит: «Сашьа, изакә қалақьқәои исуҭаз?» Убри азы урҭ иахьа уажәраанӡа адгьыл Каву́л* ҳәа ирышьҭоуп. 14 Аргылара ахьынӡацоз Хира́м аҳ Соломон 120 талант* ахьы изишьҭит.
15 Соломон иара иҿы аусура здиҵаз ауаа рыла иргылеит Иегова иҩны, иара иҩны, Ахәы*, Иерусалим аҭӡамц, иара убас Хацо́р, Меги́ддо, Гезе́р. 16 (Уаанӡа египеттәи аҳ, афараон, Гезе́р импыҵаирхалан иблит, уа инхоз ханаа́наа ишьит. Иара уи иԥҳа ҳамҭас илиҭеит Соломон уи ԥҳәысс данига.) 17 Соломон еиҭашьақәиргылеит* ақалақьқәа Гезе́р, Аладатәи Бет-Хоро́н, 18 Ваала́т, уи адгьыл ацәҳәыраҿы иҟоу Тама́р, 19 иара убас иргылеит аҵәахырҭа қалақьқәеи, аҽыуардынқәа рықалақьқәеи, аҽыуаа рықалақьқәеи, насгьы Иерусалими, Ливани, напхгара ззиуаз адгьыл зегь аҿи иргыларц ииҭахыз зегьы. 20 Израильаа иреиуамыз аморе́иааи, хе́ттааи, ферезе́иааи, иеву́сааи рҟынтә инхази 21 израильаа зықәгара рылымшаз, ари адгьыл аҿы инхаз урҭ ирхылҵқәази Соломон маҵуцәас иҟаиҵеит, иахьа уажәраанӡагьы имаҵуцәоуп. 22 Аха израильаа маҵуцәас иҟаиҵаӡомызт. Дара еибашьцәан, иаҳҭынраҿы амаҵ руан, иҭауадцәан, ир ирхагылан, аҽыуардынқәа ныҟәызцози аҽыуааи ирхагылан. 23 Соломон иман аусуцәа ирхылаԥшуаз, аусурақәа напхгара рызҭоз 550-ҩык аиҳабацәа.
24 Афараон иԥҳа Давид иқалақь аҟынтә Соломон илызиргылаз аҩнахьы диасит. Нас иара Ахәы иргылеит.
25 Шықәсык ахь хынтә Соломон Иегова изы иргылаз акәырбаннагарҭахь ирбылуа акәырбанқәеи аҭынчратә кәырбанқәеи неигон, иара убас Иегова иҿаԥхьа акәырбан былны алҩа ишьҭуан. Соломон аҩны аргылара хиркәшеит.
26 Аҳ Соломон иара убас Ецио́н-Геве́р аӷбақәа иргылеит. Уи Ела́т азааигәара иҟоуп, Едо́м адгьыл аҿы, Амшын ҟаԥшь аԥшаҳәаҿы. 27 Хира́м урҭ аӷбақәа рахь имаҵуцәа ишьҭуан, аԥышәа змаз амшынуаа. Соломон имаҵуцәеи дареи 28 Офи́рҟа ицаны, аҳ Соломон изы 420 талант* ахьы ааргон.