1 Аҳцәа
7 Соломон ихазы аҩны* иргылеит. Уи аргылара 13 шықәса агеит.
2 Иара убас Ливантәи абна захьӡыз аҩны иргылеит. Уи аура 100 мышьхәылҵк иҟан, аҭбаара 50 мышьхәылҵ иҟан, аҳаракыра 30 мышьхәылҵ иҟан*. Аҩны ԥшь-радкны ицоз акедр иалхыз ашьаҟақәа аҵагылан, ашьаҟақәа акедр ӷәқәа рықәҵан. 3 Ашьаҟақәа абалкақәа рықәын, абалкақәа акедр рықәын: ашьаҟақәа 45 цыра ыҟан, радцыԥхьаӡа жәохә-жәохә. 4 Аԥенџьыр акылҳарақәа х-радкны ицон. Радк егьи арад ахагылан, ԥенџьырк аҿаԥхьа егьи аԥенџьыр ыҟан. 5 Ашәқәеи аҩналарҭақәеи х-радкны еихагылаз аԥенџьырқәа ирымаз аформа аҩыза рыман — рганқәа еиҟаран*.
6 Иара Агәашьақәа рбарҵа иргылеит. Уи аура 50 мышьхәылҵ иҟан, аҭбаара 30 мышьхәылҵ иҟан*. Уи аԥхьа агәашьақәа зҵагылаз, насгьы иаԥыҳәҳәо ахыб змаз даҽа барҵакгьы ыҟан.
7 Соломон иара убас Аӡбарҭатә зал иргылеит. Уа иара иаҳраҭыԥ дықәтәаны аусқәа иӡбон. Аҩныҵҟа адашьма инаркны аҭуан аҟынӡа кедрла ихиҟьеит.
8 Дахьынхоз аҩны даҽа шҭак иҭагылан, Азал иадҳәалаӡамызт, хазы игылан, Азал еиԥшҵәҟьагьы иҟаҵан. Соломон уи Азал иеиԥшны ԥҳәысс иигаз афараон иԥҳа лзгьы аҩны иргылеит.
9 Убарҭ ахыбрақәа зегьы — ашьаҭа инаркны ақәцә аҟынӡа, адәахьтәи аган инаркны ашҭа ду аҟынӡа — хәархьла аганқәа зегь ԥҟаны, иаҭахыз ауреи аҭбаареи аҭаны иҟаҵаз зыхә цәгьаз ахаҳәқәа рыла иргылан. 10 Ашьаҭаҿы жәаба-жәаба мышьхәылҵи* ааба-ааба мышьхәылҵи* иҟаз зыхә цәгьаз ахаҳә дуқәа шьҭаҵан. 11 Урҭ иаҭахыз ауреи аҭбаареи аҭаны зыхә цәгьаз ахаҳәқәеи акедр ӷәқәеи рықәын. 12 Ашҭа ду ԥшь-радкны еиқәыз аҭӡамц акәыршан, х-радк — ицәыз ахаҳәқәа рыла еиқәын, радк — акедр ӷәқәа рыла, Иегова иҩны аҩныҵҟатәи ашҭеи аҩны иаҿаԥшьыз аҩналарҭеи реиԥш.
13 Аҳ Соломон Тирҟа ауаа ишьҭит Хира́м дааргарц азы. 14 Иара Неффали́м ишьҭра иатәыз аԥҳәысеиба лыҷкәын иакәын. Тир иатәыз иаб дыбҩаҟазан. Хира́м адыррақәеи аԥышәеи иман, иус дазҟазан, абҩа* иалхны изыҟамҵоз акгьы ыҟаӡамызт. Иара аҳ Соломон иахь даан, иарҳәаз зегь ҟаиҵеит.
15 Иара абҩа иалхны 18 мышьхәылҵ* иҟаз ҩ-гәашьак ҭаирҭәеит, гәашьак иаакәыршаны иушәарц азы 12 мышьхәылҵ* иҟаз ашаха уҭаххон. 16 Иара убас абҩа иалхны ҩ-капительк ҟаиҵан, агәашьақәа ирхаиргылеит. Аҩкапительк роурақәа хәба-хәба мышьхәылҵ иҟан*. 17 Агәашьақәа ирхагылаз акапительқәа азынџьырқәа* рыла иҟаҵаз асеткақәа рыла ирԥшӡан, аҩкапителькгьы быжьба-быжьба сетка рыман. 18 Нас иара асеткақәа зегь иаарыкәыршаны ҩ-радкны амыҵмыџьқәа аиҭеит, акапительқәа хиҩарц азы. Убас аҩкапительк рҿы иҟаиҵеит. 19 Аҩналарҭа аԥхьа игылаз агәашьақәа ирхагылаз акапительқәа алилиа рнын, ԥшь-мышьхәылҵкгьы* иҟан. 20 Алилиа асеткеи ҩ-радкны еиқәыз 200 мыҵмыџьи ахьыҟаз акапитель амгәа иахагылан.
21 Хи́рам агәашьақәа аныҳәарҭа* аҩналарҭа аԥхьа иргылеит. Гәашьак арыӷьарахь ала* иргылан, Иахи́н* ахьӡиҵеит, егьи агәашьа арымарахь ала* иргылан, Боа́з* ахьӡиҵеит. 22 Акапительқәа алилиа иеиԥшны иҟаҵан. Убас агәашьақәа ирыдҳәалаз аусқәа зегь хыркәшан.
23 Нас ирҭәоу абҩа иалхны амшын* ҟаиҵеит. Уи ганкы инаркны егьи аган аҟынӡа 10 мышьхәылҵк иҟан, аҳаракыра 5 мышьхәылҵк иҟан; иаакәыршаны иушәарц азы 30 мышьхәылҵ иҟаз ашаха уҭаххон. 24 Амшын иаакәыршаны аганқәа рҿы абнатә карпыжәқәа* анын, мышьхәылҵк аҿы жәаба-жәаба. Акарпыжәқәа ҩ-радкны ицон, урҭ амшын иацҭарҭәан. 25 Амшын 12 цәы ирықәгылан: х-цәык аҩадаҟа иԥшуан, х-цәык мраҭашәарахь иԥшуан, х-цәык аладаҟа иԥшуан, х-цәык мрагыларахь иԥшуан. Ацәқәа рҵыхәақәа амшын агәҭахьы иԥшуан. 26 Амшын ашәпара маҿак* иҟан, ахы аҟәџьал ахы иеиԥшын, алилиа асахьа аман. Уи 2 000 бат* ҭан.
27 Нас абҩа иалхны 10 кәырҷыжьк* ҟаиҵеит. Зегьы роура ԥшьба-ԥшьба мышьхәылҵ иҟан, рыҭбаара ԥшьба-ԥшьба мышьхәылҵ иҟан, рыҳаракыра хԥа-хԥа мышьхәылҵ иҟан*. 28 Абар акәырҷыжьқәа шыҟаҵаз: урҭ аихацла иҟаҵаны еибаркын, иаакәыршаны абҩа иалхны аганқәа ҭаԥсан. 29 Аихацқәа рыбжьара аганқәеи аихацқәа рхаҭеи алымқәеи, ацәқәеи, ахерувимқәеи рнын, алымқәеи ацәқәеи рхани рыҵаҟеи ирхәа-ырхәаны иҟаҵаз арԥшӡагақәа аман. 30 Акәырҷыжьқәа зегьы абҩа иалхыз агәыцәқәа ирҭагьежьуаз абҩа иалхыз ԥшь-гьежьык* рыҵан. Урҭ агьежьқәа акәырҷыжь ҟацаӡа изкыз акәакьқәа рҿы ирымаз ԥшь-ркыгак ирыдҟаҵалан. Ачан аҵаҟа ирхәа-ырхәаны иҟаҵаз арԥшӡагақәа рыла ирԥшӡаз аҵаргәақәа ыҟан, аҵаргәақәеи арԥшӡагақәеи еицҭарҭәан. 31 Ачан зықәгылаз аҳаракыра мышьхәылҵки бжаки* иҟан. Уи акәырша аҟынтә мышьхәылҵк* иаԥыҳәҳәон. Ачан гьежьын, иаакәыршаны иҭаԥҟаны иҟаз арԥшӡагақәа рыла ирԥшӡан. Аганқәа рҿы иҭаԥсаз гьежьӡамызт, рганқәа еиҟаран. 32 Урҭ рыҵаҟа акәырҷыжь иаҵагылаз ԥшь-гьежьык ыҟан. Агьежьқәа рыҳаракыра мышьхәылҵки бжаки иҟан. 33 Урҭ агьежьқәа аҽыуардын агьежьқәа реиԥш иҟаҵан. Реибаркыгақәеи, ркәыршақәеи, рыҵәқәеи, рмыргәқәеи* ҭарҭәаны иҟаҵан. 34 Акәырҷыжьқәа зегьы рыԥшькәакьк рҿы ԥшьба-ԥшьба ркыга рыман, акәырҷыжьқәеи дареи еицҭарҭәан. 35 Акәырҷыжь аханы мышьхәылҵбжак* иҳаракыз акәырша аман. Уи зкызи акәырҷыжь хыхьтәи аганқәа ирҭаԥсази акәырҷыжьи дареи еицҭарҭәаны иҟаҵан. 36 Нас аркыгақәа рҿи аганқәа рҿы иҭаԥсаны иҟаҵаз рҿи аҭыԥ ахьҭацәыз ахерувимқәеи, алымқәеи, апальмақәеи ҭаԥҟаны иҟаиҵеит, насгьы иаакәыршаны ирхәа-ырхәаны арԥшӡагақәа аиҭеит. 37 Абасоуп иара 10 кәырҷыжьк шыҟаиҵаз: урҭ зегьы еиԥшны иҭарҭәан, еиҟаран, формак акәын ирымаз.
38 Соломон абҩа иалхны 10 чанк ҟаиҵеит, акәырҷыжьқәа зегьы рзы акака. Ачанқәа зегьы ҩынҩажәа-ҩынҩажәа бат* ркуан, ԥшьба-ԥшьба мышьхәылҵ* иҟан. 39 Иара 5 кәырҷыжьк аҩны арыӷьарахьтәи аганахь ала иргылеит, 5 кәырҷыжьк — арымарахьтәи аганахь ала. Амшын аҩны арыӷьарахьтәи аганахь ала иргылеит, алада-мрагыларахь.
40 Хира́м иара убас аҭәырӷәқәеи, алагьанқәеи, агәыблаақәеи ҟаиҵеит.
Иара Иегова иҩназы аҳ Соломон иҿы дызҿыз аус зегь хиркәшеит. 41 Абар иара иҟаиҵаз: агәыблаа асахьа змаз акапительқәа зхагылаз ҩ-гәашьак; агәашьақәа ирхагылаз акапительқәа зырԥшӡоз ҩ-сеткак; 42 ҩ-сеткак рзы 400 мыҵмыџь — аҩсеткак рзы ҩ-радкны ицоз амыҵмыџьқәа, агәашьақәа ирхагылаз акапительқәа хырҩарц азы; 43 10 кәырҷыжьки урҭ акәырҷыжьқәа рзы 10 чанки; 44 амшыни уи иаҵагылаз 12 цәи; 45 аведрақәа, аҭәырӷәқәа, алагьанқәа, иара убас аныҳәарҭа иатәыз егьырҭ амаҭәарқәа. Хира́м Иегова иҩназы аҳ Соломон изыҟаиҵаз зегьы ицырцыруа иҟаҵаз абҩа иалхын. 46 Аҳ абри зегьы анышәаԥшь иалхыз аформақәа рҿы иҭаирҭәон. Иара уи Сукко́ти Царта́ни рыбжьара Иордантәи акаршәраҿы* иҟаиҵон.
47 Соломон урҭ зегьы рыкапанра даламгаӡеит, избанзар ԥхьаӡашьак рымамызт, абҩагьы шаҟа цаз рыздыруамызт. 48 Соломон Иегова иҩназы иаҭахыз амаҭәарқәа зегь ҟаиҵеит: ахьы иалхыз акәырбаннагарҭа, иԥшьоу ача* зқәырҵоз ахьы иалхыз астол, 49 аҩныҵҟатәи ауада аҿаԥхьа ахьы цқьа иалхыз алашарбагақәа (5 арыӷьарахь, 5 арымарахь), ахьы иалхыз ашәҭқәа, акәаҷабқәа, ацыблыхақәа зламырхуа амашьақәа, 50 алагьанқәа, афҭилԥҟагақәа, агәыблаақәа, аҵәцақәа, акәицқәа зҭарыԥсоз (зегьы ахьы цқьа иалхын), насгьы аҩныҵҟатәи ауада, даҽакала иуҳәозар, Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ ашәқәа ргәыцәқәа зҭагьежьуаз, иара убас аныҳәарҭа ашәқәа. Урҭгьы ахьы иалхын.
51 Аҳ Соломон Иегова иҩны иаҭахыз зегь ҟаиҵеит. Нас иара иаб Давид Анцәа изикыз* араӡни, ахьи, егьырҭ амаҭәарқәеи ааиган, Иегова иҩны ахазынаҭра иҭеиҵеит.