Ахаша, октиабр 15
Сара Альфеи Омегеи соуп (Аат. 1:8).
Альфа — абырзен алфавит аҿы актәи нбануп, омега — аҵыхәтәантәи нбануп. Иегова «Альфеи Омегеи» ҳәа аниҳәо иаҳирбоит иара акы далагазар, аҵыхәтәанынӡа ишынаигӡо. Иегова Адами Евеи аниша, ус реиҳәеит: «Шәыҿиала, шәеизҳала, иқәшәырҭәаала адгьыл, насгьы уи аус адыжәулала» (Аҟаз. 1:28). Убасҟан Иегова «Альфа» ҳәа иҳәеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Иара гәҭакыс имоу еилыкка иҳәеит: Адами Евеи ирхылҵуа аҳәатәхаҵара злоу инаӡоу ауаа адгьыл ықәдырҭәаауеит, џьанаҭны иагьыҟарҵоит. Уи аныҟалалак Иегова «Омега» ҳәа иҳәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Анцәа ажәҩани адгьыли аниша ашьҭахь уи шыҟалаҵәҟьо ажәа ҳаиҭеит. Убас ала Анцәа агәра ҳиргеит уи амш аҵыхәтәаны игәы иҭеикыз зегь шынаигӡо (Аҟаз. 2:1—3). w23.11 5, абз. 13, 14
Аԥшьаша, октиабр 16
Иегова изы амҩа шәрыцқьала! Ҳанцәа изы ацәҳәыра иалганы амҩа иаша шәырхиа (Ис. 40:3).
Вавилонынтәи Израильҟа игаз амҩа мариаӡамызт, насгьы ԥшьымзҟа уқәхон. Аха Иегова ижәлар ақәиргәыӷит амҩан акгьы шырԥырхагамхо. Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа Израильҟа ахынҳәра иазхиан, избанзар дара еилыркаауан иаанрыжьыр акәыз аасҭа, ироуаз акырӡа ишеиҳаз. Зегьы иреиҳаз аҳамҭа Иегова имҵахырхәара иадҳәалан. Вавилон Иегова иныҳәарҭа ыҟаӡамызт. Израильаа Моисеи изакәан ала инаргалар рыхәҭаз акәырбанқәа рнагаразы акәырбаннагарҭа рымаӡамызт. Аԥшьаҩцәа рмаҵзурагьы еиҿкааны иҟаӡамызт. Уи адагьы, Иегова ижәлар амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз ауаа ирыланхон — урҭ ахацәеи аҳәсеи Иеговагьы хьаас дыркӡамызт, инормақәагьы хьаас ирымаӡамызт. Убри аҟынтә Анцәа гәыкала изыҟаз ауриацәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәны, ииашоу амҵахырхәара анеиҭашьақәдыргылоз аамҭа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшын. w23.05 14—15, абз. 3, 4
Ахәаша, октиабр 17
Алашара иатәу ахәыҷқәа реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала (Еф. 5:8).
«Алашара иатәу ахәыҷқәа» реиԥш ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы иԥшьоу адоуҳа ҳҭахуп. Избан? Избанзар уи ада иҳалшаӡом ицқьам адунеи аҿы ҳацқьара ахьчара (1 Фес. 4:3—5, 7, 8). Иԥшьоу адоуҳа адунеи ахәыцшьа аҿагылара иҳацхраауеит, афилософиагьы уахь иналаҵаны. Иара убас иԥшьоу адоуҳа Анцәа ибзиоуп, ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо аҟаҵара иҳацхраауеит (Еф. 5:9). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы Иегова уи ҳаиҭарц ҳиҳәалароуп. Иисус иҳәеит Иегова «иԥшьоу адоуҳа иаҳәо» ишриҭо (Лука 11:13). Иара убасгьы иԥшьоу адоуҳа ҳауеит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы ақьырсиантә еизараҿы Иегова данҳарҽхәо (Еф. 5:19, 20). Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ҳара иҳалшоит ҳаԥсҭазаашьала Иегова дҳаргәырӷьалар. w24.03 23—24, абз. 13—15