Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • Иахьа

Аԥшьаша, ииуль 31

Еснагь Иҳақәиҭу игәы иақәшәо аилкаара шәашьҭаз (Еф. 5:10).

Ихадоу ӡбарак ҳадаҳкылаанӡа, Иегова ииҭаху еилаҳкаароуп, нас уи инақәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгароуп (Еф. 5:17). Аха излеилаҳкаауеи Анцәа ииҭаху? Уи азыҳәан ҳҭагылазаашьа иақәшәо абиблиатә принципқәа ҳаԥшаароуп. Иҳаԥшааз апринцип ҳхы иаҳархәар, иҳадаҳкыло аӡбара алҵшәа бзиа аанагоит. Аха ҳаӷа, Аҩсҭаа, иҭахуп ҳаамҭа зегьы ари адунеи аусқәа ирықәҳарӡларц, Иегова изы аамҭа ҳазнымхарц азы (1 Иоанн 5:19). Ақьырсиан игәы иаанагар алшоит аԥара арҳареи, аҵара аиуреи, мамзаргьы акариера аҟаҵареи Анцәа имаҵ аура аасҭа ихадоуп ҳәа. Ақьырсиан ус ахәыцра далагазар, уи иаанаго ари адунеи иатәу ауаа рхәыцшьа рҿиҵааит ауп. Ҳәарада, аԥареи аҵареи ҳамазар, уи цәгьарак аҵаӡам, аха уи ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихаданы иҟалар ҟалаӡом. w24.03 24, абз. 16, 17

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Ахәаша, август 1

Ауаҩ иаша игәаҟрақәа рацәоуп, аха урҭ зегь рҟынтә Иегова деиқәирхоит (Аԥсал. 34:19).

Иазгәашәҭ хыхь иаагоу аԥсалом аҿы иану ихадоу ҩ-зхәыцрак: 1) ауаа иашақәагьы ауадаҩрақәа ирықәшәоит; 2) Иегова аԥышәарақәа ҳрылигоит. Ишԥаҟаиҵо уи Иегова? Иара ари адунеи аҿы аԥсҭазаара ус ишыҟоу аилкаара дҳацхраауеит. Иегова имаҵ аура агәырӷьара шаҳзаанагало ажәа ҳаиҭоит, аха хьаада-баада ҳанхалоит ҳәа имҳәаӡеит (Ис. 66:14). Иара ҳгәазҭеиҵоит ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳхы азыҳашьҭларц, избанзар адунеи ҿыц аҿы анасыԥҵәҟьа змоу аԥсҭазаара наӡаӡа ҳалагәырӷьалоит (2 Кор. 4:16—18). Аха ари адунеи ыҟанаҵы Иегова ҳгәы камыжькәа ԥхьаҟа ацара есыҽны дҳацхраауеит (Аҵә. 3:22—24). Иаҳдырҵои абиблиатә аамҭақәа раан гәыкала Иегова имаҵ зуаз, насгьы иахьа имаҵ зуа ауаа рҿырԥшқәа? Ҳшымгәыӷуа ауадаҩрақәа ҳрықәшәар алшоит. Аха Иегова игәра ҳгозар, уи хымԥада дҳацхраауеит (Аԥсал. 55:22). w23.04 14—15, абз. 3, 4

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025

Асабша, август 2

Напхгара [шә]зызуа аиҳабыра [шәырзыӡырҩла] (Рим. 13:1).

Ианымариамгьы аҳәынҭқарцәа рзыӡырҩра аганахьала Иосифи Мариеи аҿырԥш бзиа ҳарҭеит (Лука 2:1—6). Зцәазтәымкәа иҟаз Мариа жә-мзы данырҭагылаз, Иосифи лареи имариамыз аӡбара рыдыркылар акәхеит. Аимператор Август адҵа ҟаиҵеит Римтәи аимпериаҿы инхоз зегьы ашәҟәы рҽанырҵарц. Иосифи Мариеи Вифлеемҟа ицар акәхеит. Уахьынӡа 150 километра раҟара бжьан, насгьы ахылаӷьарақәеи амардарақәеи рацәан! Уи аҩыза амҩа анысра мариан ҳәа узҳәом. Дара ахәыҷи лареи ак рыхьыр ҳәа ишәозар ауан. Амҩан ахшароура далагар? Лара Мессиа иакәны иҟалараны иҟаз длоураны дыҟан! Арҭ аҭагылазаашьақәа мзызс иҟаҵаны аҳәынҭқарцәа ирзымӡырҩыр ауеит ҳәа рыԥхьаӡама? Иосифи Мариеи агәҭынчымрақәа шрымазгьы, азакәан иаҳәоз ҟарҵеит. Иегова урҭ иаадырԥшыз аҳәатәхаҵаразы дырзылԥхеит. Иосифи Мариеи еибга-еизҩыда Вифлеем инеит. Лара агәабзиара змаз ахәыҷы хазына длоуит, уи адагьы, Абиблиа иану аԥааимбаражәа налыгӡеит (Мих. 5:2). w23.10 8, абз. 9, 11; 9, абз. 12

Есыҽны Аҩыра ҭаҳҵаауеит 2025
Бзиала шәаабеит!
Ари Иегова ишаҳаҭцәа еиуеиԥшым абызшәақәа рыла иҭрыжьуа апубликациақәа рыҭҵааразы онлаин-абиблиотека ауп.
Апубликациақәа рҭаҩразы шәҭал асаит jw.org.
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра