Асабша, август 2
Напхгара [шә]зызуа аиҳабыра [шәырзыӡырҩла] (Рим. 13:1).
Ианымариамгьы аҳәынҭқарцәа рзыӡырҩра аганахьала Иосифи Мариеи аҿырԥш бзиа ҳарҭеит (Лука 2:1—6). Зцәазтәымкәа иҟаз Мариа жә-мзы данырҭагылаз, Иосифи лареи имариамыз аӡбара рыдыркылар акәхеит. Аимператор Август адҵа ҟаиҵеит Римтәи аимпериаҿы инхоз зегьы ашәҟәы рҽанырҵарц. Иосифи Мариеи Вифлеемҟа ицар акәхеит. Уахьынӡа 150 километра раҟара бжьан, насгьы ахылаӷьарақәеи амардарақәеи рацәан! Уи аҩыза амҩа анысра мариан ҳәа узҳәом. Дара ахәыҷи лареи ак рыхьыр ҳәа ишәозар ауан. Амҩан ахшароура далагар? Лара Мессиа иакәны иҟалараны иҟаз длоураны дыҟан! Арҭ аҭагылазаашьақәа мзызс иҟаҵаны аҳәынҭқарцәа ирзымӡырҩыр ауеит ҳәа рыԥхьаӡама? Иосифи Мариеи агәҭынчымрақәа шрымазгьы, азакәан иаҳәоз ҟарҵеит. Иегова урҭ иаадырԥшыз аҳәатәхаҵаразы дырзылԥхеит. Иосифи Мариеи еибга-еизҩыда Вифлеем инеит. Лара агәабзиара змаз ахәыҷы хазына длоуит, уи адагьы, Абиблиа иану аԥааимбаражәа налыгӡеит (Мих. 5:2). w23.10 8, абз. 9, 11; 9, абз. 12
Амҽыша, август 3
Аӡәи-аӡәи [шәы]гәқәа [шьҭибахла] (Аур. 10:25).
Иҟашәҵар шәылшозеи, аизараҿы аҭак ҟашәҵар анышәҭаху шәгәы хыҭхыҭуазар? Аизарақәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵалар шәылшоит (Ажәам. 21:5). Аматериал ибзианы ианыжәдыруа шәнапы ашьҭыхра еиҳа ишәзымариахоит. Уи адагьы, аҭакқәа иааркьаҿны иҟашәҵала (Ажәам. 15:23; 17:27). Иааркьаҿны аҭак аныҟашәҵо, уиаҟара шәгәы хыҭхыҭлаӡом. Шәхатә ажәақәа рыла иааркьаҿны аҭак аныҟашәҵо, иаашәырԥшуеит аизара ибзианы шәыҽшазыҟашәҵаз, насгьы аматериал ибзианы ишеилышәкаауа. Аха иҟашәҵар шәылшозеи, хыхь еиқәыҳаԥхьаӡаз алабжьарақәа шәхы ишашәырхәазгьы, шәгәы хыҭхыҭуазар, насгьы ҭакк-ҩҭакк рыда шәзымгәаӷьуазар? Агәра ганы шәыҟаз Иегова гәыкала ижәбо аџьабаа ахә шишьо (Лука 21:1—4). Иара ишәылымшо дазыԥшӡам (Флп. 4:5). Шәымч зықәхо еилкааны зынагӡара шәылшо ахықәкы ықәшәыргыл, насгьы Анцәа агәҭынчра шәиҭарц шәиҳәала. Аӡәы икьаҿу ҭакк аҟаҵара хықәкыс иқәиргылар илшоит. w23.04 21, абз. 6—8
Ашәахьа, август 4
[А]гәышԥыхьчага [шәшәышәҵа]... ахыхьчага... [шәхашәҵа] (1 Фес. 5:8).
Апостол Павел еснагь згәызҽану, бџьарла ибзианы еибыҭоу аруаҩ ҳаиҿирԥшит. Аруаҩ ианакәзаалак аибашьра дазхиазароуп. Ҳаргьы убас ҳзуҳәар алшоит. Ҳара Иегова имш ҳазхиазаауеит, ахаҵареи абзиабареи ргәышԥыхьчага ҳшәызар, насгьы агәыӷра ахыхьчага ҳхазар. Агәышԥыхьчага аруаҩ игәы ахьчон. Ахаҵареи абзиабареи асимволтә ҵакы змоу ҳгәы рыхьчоит. Дара ҳацхраауеит Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу аанхареи Иисус ишьҭа ҳхыланы ацареи. Ҳара ахаҵара ҳамазар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова гәык-ԥсыкала иԥшаара ҳахьашьҭоу азы дшаҳзылԥхо (Аур. 11:6). Уи ҳгәазҭанаҵоит ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәаргьы, Ҳаԥхьагылаҩ Иисус гәыкала ҳшизыҟоу аанхара. Ахаҵара ҳацхраауеит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара. Ҳара ҳарҿыԥшлар ҳалшоит ашьҭашәарыцарақәа ма аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирмыхәаԥшӡакәа Анцәа гәыкала ишизыҟаз иаанхаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Уи адагьы, ахаҵара ӷәӷәа ҳацхраауеит аматериализм аҽацәыхьчара. Уи азы ҳарҿыԥшлароуп Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргыларазы зыԥсҭазаара зырмариаз ауаа. w23.06 10, абз. 8, 9