Амҽыша, август 3
Аӡәи-аӡәи [шәы]гәқәа [шьҭибахла] (Аур. 10:25).
Иҟашәҵар шәылшозеи, аизараҿы аҭак ҟашәҵар анышәҭаху шәгәы хыҭхыҭуазар? Аизарақәа ибзианы шәҽырзыҟашәҵалар шәылшоит (Ажәам. 21:5). Аматериал ибзианы ианыжәдыруа шәнапы ашьҭыхра еиҳа ишәзымариахоит. Уи адагьы, аҭакқәа иааркьаҿны иҟашәҵала (Ажәам. 15:23; 17:27). Иааркьаҿны аҭак аныҟашәҵо, уиаҟара шәгәы хыҭхыҭлаӡом. Шәхатә ажәақәа рыла иааркьаҿны аҭак аныҟашәҵо, иаашәырԥшуеит аизара ибзианы шәыҽшазыҟашәҵаз, насгьы аматериал ибзианы ишеилышәкаауа. Аха иҟашәҵар шәылшозеи, хыхь еиқәыҳаԥхьаӡаз алабжьарақәа шәхы ишашәырхәазгьы, шәгәы хыҭхыҭуазар, насгьы ҭакк-ҩҭакк рыда шәзымгәаӷьуазар? Агәра ганы шәыҟаз Иегова гәыкала ижәбо аџьабаа ахә шишьо (Лука 21:1—4). Иара ишәылымшо дазыԥшӡам (Флп. 4:5). Шәымч зықәхо еилкааны зынагӡара шәылшо ахықәкы ықәшәыргыл, насгьы Анцәа агәҭынчра шәиҭарц шәиҳәала. Аӡәы икьаҿу ҭакк аҟаҵара хықәкыс иқәиргылар илшоит. w23.04 21, абз. 6—8
Ашәахьа, август 4
[А]гәышԥыхьчага [шәшәышәҵа]... ахыхьчага... [шәхашәҵа] (1 Фес. 5:8).
Апостол Павел еснагь згәызҽану, бџьарла ибзианы еибыҭоу аруаҩ ҳаиҿирԥшит. Аруаҩ ианакәзаалак аибашьра дазхиазароуп. Ҳаргьы убас ҳзуҳәар алшоит. Ҳара Иегова имш ҳазхиазаауеит, ахаҵареи абзиабареи ргәышԥыхьчага ҳшәызар, насгьы агәыӷра ахыхьчага ҳхазар. Агәышԥыхьчага аруаҩ игәы ахьчон. Ахаҵареи абзиабареи асимволтә ҵакы змоу ҳгәы рыхьчоит. Дара ҳацхраауеит Анцәа гәыкала ҳшизыҟоу аанхареи Иисус ишьҭа ҳхыланы ацареи. Ҳара ахаҵара ҳамазар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова гәык-ԥсыкала иԥшаара ҳахьашьҭоу азы дшаҳзылԥхо (Аур. 11:6). Уи ҳгәазҭанаҵоит ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәаргьы, Ҳаԥхьагылаҩ Иисус гәыкала ҳшизыҟоу аанхара. Ахаҵара ҳацхраауеит ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара. Ҳара ҳарҿыԥшлар ҳалшоит ашьҭашәарыцарақәа ма аԥара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирмыхәаԥшӡакәа Анцәа гәыкала ишизыҟаз иаанхаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Уи адагьы, ахаҵара ӷәӷәа ҳацхраауеит аматериализм аҽацәыхьчара. Уи азы ҳарҿыԥшлароуп Анцәа Иаҳра раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргыларазы зыԥсҭазаара зырмариаз ауаа. w23.06 10, абз. 8, 9
Аҩаша, август 5
Аԥсҭҳәақәа ирыхәаԥшуа ахаангьы аҽаҩра изҭагалом (Еккл. 11:4).
Аҽынкылара — уи ҳхәыцрақәеи ҳхымҩаԥгашьеи аконтроль рзура ауп. Уи ҳхықәкы анагӡаразы иаҳҭахуп, еиҳараӡак уи ахықәкы анагӡара анымариам, мамзаргьы уи аҟаҵара анаҳҭахым. Ишәхашәмыршҭлан аҽынкылара — иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ишыруаку. Убри аҟынтә Иегова иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц азы шәиҳәала, уи ихадоу ари аҟазшьа аизырҳара ишәыцхраауеит (Лука 11:13; Гал. 5:22, 23). Зегь иреиӷьу аҭагылазаашьа шәазымԥшлан. Ари адунеи аҿы уи ҟалашьа амаӡам. Ҳара аҭагылазаашьа анеиӷьхо ҳәа ҳаԥшлар, ҳхықәкы ахаан иаҳзынагӡаӡом. Ҳара ҳхықәкы анагӡара уадаҩушәа ҳбозар, уи анагӡаразы агәаҳәара ҳзымхар ауеит. Шәара уи аҩыза аҭагылазаашьа шәымазар, ишәылшома шәхықәкы имаҷу ахықәкқәа рыла еихышәшар? Шәара ҟазшьак аизырҳара хықәкыс ишәымазар, ишәылшома раԥхьа имаҷу ак аҿы уи аашәырԥшлар? Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥхьара хықәкыс ишәымазар, ишәылшома раԥхьа хәыҷык-хәыҷык шәаԥхьалар? w23.05 29, абз. 11—13